Пиа Каума – Акторцәа алхрақәа ииашамызт ҳәа агәҩара анрымоу, аиааира анырцәыӡуа, убри аамҭазы алхрақәа рыцклаҧшра зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп
«Аполиаризациа азҳара ианаҿу, аполитикатә акторцәа алхрақәа ииашамызт ҳәа агәҩара анрымоу, аиааира анырцәыӡуа, убри аамҭазы алхрақәа рыцклаҧшра зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп», — илҳәеит ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума ОБСЕ Аминистрцәа рхеилак 31-тәи аиҧылараҿы данықәгылоз.
Лара лажәақәа рыла, анаҧшцәа раҳасабала, дара алхрақәа рылҵшәақәа адәныҟатәи анырра акәымкәа, ажәлар ргәазыҳәара иашьашәалазаарц иҟарҵароуп.
«Ҳара лабҿаба иаабеит ОБСЕ зеиҧшҟамлац ароль шынанагӡо адемократиатә ҭышәантәалара аиқәыршәара аус аҿы. 2024 шықәсазы ОБСЕ Апарламенттә ассамбелиа алхрақәа рыцклаҧшра асезон ду хыркәнашеит. 500ҩык анаҧшцәа Америкеи, Европеи, Ацентртә Азиеи, Азербаиџьани, Аҩадатәи Македониеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Узбекистани рахь идәықәҵан, уи алагьы иубараҭоуп ҳара ОБСЕ арегионаҿ адемократиатә стандартқәа рыхьчара ҳшазҿлымҳау», — илҳәеит Каума.