Пиа Каума алхрақәа ирыдҳәаланы  ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәа зегьы рынагӡаразы ааҧхьара ҟалҵеит
Пиа Каума алхрақәа ирыдҳәаланы  ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәа зегьы рынагӡаразы ааҧхьара ҟалҵеит

ОБСЕ  Апарламенттә Ассамблеиа ахада Пиа Каума Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы  OSCE/ODIHR  иҟанаҵаз абжьагарақәа зегьы рынагӡаразы ааҧхьара ҟалҵеит.

Пиа Каума  ари атәы илҩит асоциалтә аҳа  X аҿы.

«Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы OSCE/ODIHR  иҟанаҵаз аихшьаала шәахәаҧш.  ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа ахада лаҳасабала, ари аҳасабырбаҿы иарбоу абжьагарақәа зегьы рынагӡаразы ааҧхьара ҟасҵоит», — илҩит  Пиа Каума.