Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада - Қырҭтәыла акризисқәеи ауадаҩрақәеи аҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ахьаҭаху ҳадгылоит
Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада - Қырҭтәыла акризисқәеи ауадаҩрақәеи аҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ахьаҭаху ҳадгылоит

Қырҭтәыла акризисқәеи ауадаҩрақәеи аҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ахьаҭаху ҳадгылоит, – илҳәеит ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟаз Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума.

Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа лбеит.

„Аҭыԥ аҿы иҟаз аҭгылазаашьа схала избар сҭахын, изакәандароу ампыҵахалара ауааԥсыра ишаныруа еилыскаар сҭахын.  Ишызбаз, аҭыԥ аҿы ҭынчроуп, аха ауаа рҭагылазаашьа даара саргәамҵуеит. Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа еиуеиԥшым акризисқәеи ауадаҩрақәеи ҭынч мҩала рыӡбара-рҭыԥқәҵара ауп хықәкыс амоу. Қырҭтәыла акризисқәеи ауадаҩрақәеи аҭынч мҩала аҭыԥқәҵара ахьаҭаху ҳадгылоит“, – илҳәеит ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ иҟаз Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума.