Владимир Божаӡе – Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳалагахьеит, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара афакгьы уи шьақәнарҕәҕәоит
Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳалагахьеит, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара афакгьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Ихьанҭоу аҳәамҭақәа шыҟаҵоугьы, арҭ аизыҟазаашьақәа аҿиара рымазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәыла Владимир Божаӡе.
Божаӡе америкатә Сенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет алахәылацәа Џьин Шаҳини Роџьер Уикери иҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.
Божаӡе иҳәамҭала, дара „ииашамкәа Қырҭтәыла иазныҟәоит“.
„Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла аҩызцәа ҳәа ҳазхәаҧшуаз аконкреттә ауаа арадикалтә оппозициаа рҩызцәа ракәзаап. Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳалагахьеит, ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара афакгьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Ихьанҭоу аҳәамҭақәа шыҟаҵоугьы, арҭ аизыҟазаашьақәа аҿиара рымазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит“, – иҳәеит Владимир Божаӡе.