Владимир Божаӡе - OSCE/ODIHR ажәахәи апрокуратура абжьаратә аҳасабырбеи рышьҭахь аоппозициаа жьҭаара 26 рзы алхрақәа ҧаршеин ҳәа рҳәаратәы аргументкгьы рзаанымхеит
«Алхрақәа рышьҭахь хымз ҵит, ари аамҭа иалагӡаны аоппозициаа ашаҳаҭгакгьы рызцәырымгеит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Владимир Божаӡе.
« OSCE/ODIHR ажәахә аҿы аобиективтә ахәшьарақәа ҟаҵан. Иара убас, ари ажәахә аҿы аоппозициаа алхратә процессахь ирымаз апретензиақәа зегьы иаҧыхын. Иара убасҵәҟьа, апрокуратурагьы, аусеилыргара мҩаҧганы, уаанӡагьы идырыз шьақәдырҕәҕеит: аверификациатә системақәа зегьы апринцип хада еиқәдыршәон — «алхҩык — бжьык». Абыжьқәа рыҧхьаӡаратә аппаратқәа оперативла заанаҵтәи алҵшәақәа роуан. Напыла абиуллиутенқәа ахьырыҧхьаӡоз алхырҭақәа рҿы аппаратқәа рыла ицәыргаз заанаҵтәи адыррақәеи напыла иҧхьаӡаз адыррақәеи еиқәшәон», — иҳәеит Божаӡе.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа ишаҵахаз ибзиаӡаны ирдыруеит.
«Аоппозициаа ишаҵахаз ибзиаӡаны ирдыруеит. Алхрақәа ҧарашеизшәа ирҳәо акәӡам аус злоу, ақырҭуа жәлар рыӡбароуп аус злоу. 2020 шықәсатәи алхрақәа рышьҭахьгьы абарҭ азҵаарақәа цәырыргон. Аха, усҟангьы ашаҳаҭгақәа рымамызт, нас, апарламент иалалан, аулафахәы агара иалагеит. Уажәгьы абасҵәҟьа иҟалоу иҟамлоу сыздырӡом. OSCE/ODIHR ажәахәи апрокуратура абжьаратә аҳасабырбеи рышьҭахь аоппозициаа жьҭаара 26 рзы алхрақәа ҧаршеин ҳәа рҳәаратәы аргументкгьы рзаанымхеит», — иҳәеит Божаӡе.