Тоиво Клаар – Аахыҵ Кавказ ах-тәылак аус еицыруроуп,  уи аҵакы ду амоуп,  ари апроцессаҿ Қырҭтәыла ароль ҷыда нанагӡоит,  уи Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ацҳа еиҧшуп
Тоиво Клаар – Аахыҵ Кавказ ах-тәылак аус еицыруроуп,  уи аҵакы ду амоуп,  ари апроцессаҿ Қырҭтәыла ароль ҷыда нанагӡоит,  уи Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ацҳа еиҧшуп

«Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараан Шәамахьтәыла ахадеи аҧыза-министри рҟны имоу аимадарақәа ҳрылацәажәеит, иара убас, ишазгәаҭаз ала,  иара Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара абжьацәажәара анагӡара дазыхиоуп,  ҳара уи ҳадгылоит», — иҳәеит Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи аимакқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Тоиво Клаар   «Моамбе» аинтервиу анеиҭоз.

Тоиво Клаар  Евроеидгылеи Аахыҵ Кавказ атәылақәеи русеицура иаҳа арҭбаара дақәгәыҕуеит.

«Аахыҵ Кавказ ах-тәылак аус еицыруроуп,  уи аҵакы ду амоуп,  ари апроцессаҿ Қырҭтәыла ароль ҷыда нанагӡоит,  уи Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара ацҳа еиҧшуп.  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии сареи ҳаиҧылараан Шәамахьтәыла ахадеи аҧыза-министри рҟны имоу аимадарақәа ҳрылацәажәеит, иара убас, ишазгәаҭаз ала,  иара Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара абжьацәажәара анагӡара дазыхиоуп,  ҳара уи ҳадгылоит», — иҳәеит  Тоиво Клаар.