Техас аӡхыҵра амшала 109ҩык иреиҵамкәа иҭахеит, 161ҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп
Техас аӡхыҵра амшала 109ҩык иреиҵамкәа ҭахеит, 161ҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Ари атәы ааицҳаит Техас агубернатор Грег Ебот.
Хабарда иӡыц ауаа иреиуп аҧхынтә лагерь аҿы зыҧсы зшьоз хәҩык аӡҕабцәеи администрациа ахаҭарнаки.
Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратәи аиқәырхаратәи усурақәа мҩаҧысуеит.