Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 51ҩык рҟнынӡа. Иҭахаз иреиуп 15ҩык ахәыҷқәа
Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 51ҩык рҟнынӡа. Иҭахаз иреиуп 15ҩык ахәыҷқәа.
Аофициалтә хаҿқәа рҳәамҭала, зегьы реиҳа азарал аиуит Кери аокруг, уаҟа 43ҩык ҭахеит, 27ҩык аҿар хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Аӡиас анхыҵ, дара аӡиас Гуадалупе аҟәараҿы еиҿкааз ақьырсиантә аҧхынтә лагерь аҿы иҟан.
Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, аҧшааратә усурақәа уажәгьы инагӡоит.
„Аусурақәа инагӡоит, ауааҧсыра зегьы ҳаҧшаанӡа аусура ҳаҟәыҵуам“, – иҳәеит Кери аокруг ашериф.