Техастәи ашкол аҿы иҟалаз ахысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 21-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Техастәи ашкол аҿы иҟалаз ахысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 21-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Техастәи ашкол аҿы иҟалаз ахысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 21-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

“Роитер” аинформациа ала, иҭахеит 19-ҩык ахәаҷқәеи ҩыџьа зықәра инеихьоу ауааи.

Техас агубернатор Грег Абот иҟаиҵаз аҳәамҭала, дҭахеит 18 шықәса зхыҵуа ақәылаҩ – Сальвадор Рамос, уи аполициа хаҭарнакцәа дыршьит. Ақәылра амотивқәа макьана идырым.

Техастәи ашкол аҿы иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАШ ахада Жьо Баиден. Уи иҭахаз ауааԥсыра рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.