Техас аштат иҟоу аҭоурыхтә сасааирҭа аҿы аԥжәара ҟалеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит
Техас аштат иҟоу аҭоурыхтә сасааирҭа аҿы аԥжәара ҟалеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит

CNN аинформациала, Техас аштат иҟоу аҭоурыхтә сасааирҭак аҿы аԥжәара ҟалеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит.

Акьыԥхь аинформациала, аԥжәара аԥсыҭбарақәа ацымызт.

CNN ишаанацҳаз, ахәрақәа зауз 21-ҩык рҟынтә аӡәы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп. Асасааирҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәара аԥсабаратә газ амзызла ҟалеит.