Судан, атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» реиҿагылара иалаӡит 100ҩык инареиҳаны атәылауаа
Судан, атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» реиҿагылара иалаӡит 100ҩык инареиҳаны атәылауаҩратә хаҿқәа. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.
Судантәи арбџьармчқәа «Аоперативтә адгыларатә мчқәа» рбаза абомбақәа аларыжьит. Шаҟаҩы асалдаҭцәеи аибашьцәеи ҭахаз макьана идырым. Аганқәа рхаҭарнакцәа, ахәрақәа зауз ауааҧсыра ахәышәтәырҭашҟа рнагара амзызла, хсааҭк рыла амца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит, аха, уезгьы аиҿахысреи аҧжәарақәеи инагӡон.
Атәылаҿы аинрал Абдель Фаттах аль-Бурхан анапхгара ззиуа арбџьармчқәеи аинрал Мохаммедом Хамдан Дагало дызхагыло «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» (RSF) рыбжьара аиҿагылара иалагеит мшаҧы 15рзы. Атәылауаҩратә напхгараҭара ашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Аоперативтә адгыларатә мчқәа» арегулиартә арбџьармчқәа иадырҵар акәын, аха, аинралцәа ари апроцесс аҭагылазаашьақәа рзы изеиқәшаҳаҭымхеит.