„Шпигель“ – Урыстәылатәи ар ҧхьаҟа ицар, балтиатәи атәылақәа Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵарала иқәмақаруеит
„Шпигель“ – Урыстәылатәи ар ҧхьаҟа ицар, балтиатәи атәылақәа Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵарала иқәмақаруеит

Урыстәылатәи ар ҧхьаҟа ицар, балтиатәи атәылақәа Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵарала иқәмақаруеит. Ари атәы иануп  „Шпигель“ аҿы икьыҧхьу астатиаҿы.

Анемец ҭыжьымҭа адыррала, балтиатәи арегион атәылақәа рполитикцәа Германтәыла агәҽанҵара арҭеит аурысцәа мрагыларатә Украинаҿ астратегиатә қәҿиара роур, аҭагылазаашьа акырӡа еицәахар ауеит. Убри аҟынтә, арҭ атәылақәа аурыс арбџьармқәа рҳәаақәа рҟнынӡа инеиаанӡа иазымҧшкәа,  дара рхала рыбџьармчқәа Украинаҟа идәықәырҵоит. Абри асценари инақәыршәаны, НАТО ари аибашьра алахәылас иҟалоит.

Уаанӡа Франциа ахада Еммануель Макронгьы иҳәахьан Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵара азҵаара дшахәаҧшуа. Макрон ишиҳәаз ала, атәылақәа рацәа ари аинициатива иадгылеит.