Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089
Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089

Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иадҳәаланы Онтәи амуниципалитет аҿы аилатәара ҷыда мҩаԥган. Ари атәы аанацҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Амлатәара рхы аладырхәит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Иосеб Ҷелиӡеи Гьаргь Буҭхузии,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебришвилии, Арегионалтә аҿиара министр Иракли Қарселаӡеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Имереҭии,Раҷа-Лечхәымии Ҵаҟатәи Шәантәылеи рполициа адепартамент аиҳабы Заза Цхакаиеи, Раҷа агубернатор Пармен Маргвелиӡеи, Аиҳабыра радминистрациа арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩи аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәеи.

Аилатәараҿ ирыдыркылаз аӡбара ала, Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит 24 сааҭ аус зуа ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089.