Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 28-ҩык рҟынӡа
Шови, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара иазҳаит 28-ҩык рҟынӡа

Онтәи амуниципалитет аҿы аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аԥшааратә усурақәа рангӡоитю Аиқәырхаҩцәа имҩаԥыргоз амониторинг аан,аԥсабаратә рыцҳара аепицентр 55 км иацәыхараны даҽаӡәы иԥсыбаҩ рыԥшааит. Ари аарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Ааԥшааратә усурақәа мҩаԥысуеит Ҷанҷрахии Риони рӡымҩақәеи адгьылбжьахатә хәҭеи, уа амобилизациа рзууп атехника хьанҭеи, акинологцәа ргәыԥи, аиқәырхаҩцәеи.

Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ рыԥшаахьеит 28-ҩык рыԥсыбаҩқәа, 5-ҩык рыԥшаара иаҿуп.