Иракли Шоҭадзе – Шови иҟалаз арыцҳара иадҳәалоу аусеилыргара интенсивла имҩаҧысуеит, уи ахыркәшара ашьҭахь ауааҧсыра аинформациа наӡа роуеит
Иракли Шоҭадзе – Шови иҟалаз арыцҳара иадҳәалоу аусеилыргара интенсивла имҩаҧысуеит, уи ахыркәшара ашьҭахь ауааҧсыра аинформациа наӡа роуеит

Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡе ишиҳәаз ала, Шови иҟалаз арыцҳара иадҳәалоу аусеилыргара интенсивла имҩаҧысуеит, уи ахыркәшара ашьҭахь ауааҧсыра аинформациа наӡа роуеит.

Иракли Шоҭаӡе иажәақәа рыла, шәҩыла атәылауаа рҿахәы рымырххьеит, аекспертизақәа рацәа мҩаҧгоуп, иҭахаз ауаа руацәа ашьауҕатә ус аматериалқәа рбар рылшоит.

«Дара аусеилыргаратә процесс иалахәып,  ргәаанагара иазҧхьагәаҭоуп.  Аусеилыргара интенсивла имҩаҧысуеит, уи ахыркәшара ашьҭахь ауааҧсыра аинформациа наӡа роуеит», — иҳәеит  Иракли Шоҭаӡе.

Нанҳәа 3 рзы Шови адгьылҳәазара ҟалеит.  Шови иҭахаз 32ҩык рыҧсыбаҩқәа иҧшаауп,  аӡәы иҧсыбаҩ уажәгьы аҧшаара иаҿуп.