Иракли Шоҭаӡе Ҭырқәтәыла апрокурор хада Беқир Шаҳин диԥылеит
Иракли Шоҭаӡе Ҭырқәтәыла апрокурор хада Беқир Шаҳин диԥылеит

Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡе Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апрокурор хада Беқир Шаҳин диԥылеит.

Қырҭтәыла апрокуратура хадаҿ имҩапгаз аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ НАҭиа Меребашвили, жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәеи азинтә аиқәыршәареи рдепартамент аиҳабы Иракли Чилингарашвилии, Ҭырқәтәыла аделегациа алахәылацәеи.

Апрокуратура аинформациала, аиԥылараҿ Иракли Шоҭаӡеи Беқир Шаҳини Қырҭтәыла апрокуратураҿ имҩаԥысуа арфеормақәеи априоритеттә хырхарҭақәеи ирызку адыррақәа ииҭеит. Беқир Шаҳин ақырҭуа иколлега ҭырқәтәылатәи иусҳәарҭа аусзуреи имҩаԥгаз ареформақәеи ирызку адыррақәа ииҭеит

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа ашьауӷа зақәан ахырхарҭаҿ аусеицура азҵаарақәа ирыхәаԥшит.