Иракли Шоҭаӡе Азербаиџьан апрокурор хада Киамран Алиев диҧылеит
Иракли Шоҭаӡе Азербаиџьан апрокурор хада Киамран Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡе Азербаиџьан апрокурор хада Киамран Алиев диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани ашьауҕатә иашаӡбара аусхкы аҿы иҟоу ақәҿиарақәеи апроблемақәеи, ацәгьаура аҿагылараҿы аусеицура арҕәҕәареи иалацәажәеит.

Азербаиџьан апрокурор хада Қырҭтәыла визитла даҭааит Жәларбжьаратәи апрокурорцәа реиҿкаара  27-тәи есышықәсатәи аконференциеи азеиҧш аизареи аҽалархәразы.  Қарҭ ари ауснагӡатә мҩаҧысуеит цәыббра  25-29 рзы.

Жәларбжьартәи апрокурорцәа рконференциа рхы аладырхәоит  300ҩык апрокурорцәа  60 ҳәынҭықаррақәа рҟынтә, урҭ иреиуп ЕАРи, Евроеидгылеи, Европатәи  Ахеилаки,  Америка Аиустициа аминистрреи ахаҭарнакцәагьы.