Иракли Шоҭаӡе  - 2008 шықәсатәи еибашьраан Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа реилыргара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп
Иракли Шоҭаӡе  - 2008 шықәсатәи еибашьраан Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа реилыргара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп

«2008 шықәсатәи еибашьраан Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа реилыргара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апрокурор хада Жәларбжьаратәи апрокурорцәа рассоциациа  27-тәи есышықәсатәи аконференциаҿы данықәгылоз.

Шоҭаӡе ишазгәеиҭаз ала,  асессиаан аҵакы ду амазаауеит Украина иаҿагыло  агрессиеи аибашьреи аан иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа реилыргареи ари аганахьала иҟоу аҳасабтқәеи.

«2008 шықәсатәи еибашьраан Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа реилыргара азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп, уи шәызынтәгьы ижәдыруеит.  Абра ажәахә ҟазҵо иреиуп Гаагатәи жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара апрокуратура ахаҭарнакцәагьы, дара зыӡбахәы ҳәоу аус аҿы ахара зду аконкреттә хаҿқәа аадырҧшхьеит, абри афактгьы аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аусеилыргара аицмҩаҧгара иабзоуроуп.   Иара убас, асессиаан аҵакы ду амазаауеит Украина иаҿагыло  агрессиеи аибашьреи аан иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа реилыргареи ари аганахьала иҟоу аҳасабтқәеи.  Гаагатәи жәларбжьаратәи аӡбарҭеи   «Евроџьсти» ари аус аҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп. Адунеи зегьы аусеилыргара алҵшәақәа ирзыҧшуп», — иҳәеит  Ираклий Шоҭаӡе.