Америка рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Шоҭаӡеи Рати Брегаӡеи Америка Аусеилыргара афедералтә биуро адиректор ихаҭыҧуаҩ иҧылеит
Америка рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Шоҭаӡеи Рати Брегаӡеи Америка Аусеилыргара афедералтә биуро адиректор ихаҭыҧуаҩ иҧылеит

Америка рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡеи аиустициа аминистр Рати Брегаӡеи Америка Аусеилыргара афедералтә биуро адиректор ихаҭыҧуаҩ Пол Аббате иҧылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апрокуратура.

Ҩ-ганктәи аиҧылара рхы аладырхәит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Залкалиании, Қырҭтәыла апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Наҭиа Мерабишвилии, аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ Беқа Ӡамашвилии, Америка аиустициа аҳәынҭқарратә департамент аиурисконсульт Лена Оуени, Аусеилыргара афедералтә биуро ахаҭарнакцәеи.

«Қырҭтәыла апрокурор хада ишиҳәаз ала, апрокуратаура хадеи Аусеилыргара афедералтә биурои активла аус еицыруеит. Иракли Шоҭаӡе  Пол Аббате ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аусеилыргара афедералтә биуро аконкреттә усқәа ирыдҳәаланы, иара убас, аҧышәа аиҭныҧсахлара аганахьалагьы  Қырҭтәыла аусеилыргаҩцәеи апрокурорцәеи ирзаанарҧшуа адгыларазы.

Аусеилыргара афедералтә биуро адиректор ихаҭыҧуаҩ ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит  атрансмилаҭтә ацәгьаура  иаҿагылоу ақәҧараҿы аусеицуразы.

Аиҧылара ашьҭахь, ақырҭуа делегациа алахәылацәа, Аусеилыргара афедералтә биуро аштаб-уадашҟа инеины, абиуро аусура аҷыдарақәа еилыркааит», — иануп апрокуратура аинформациаҿы.