Они ахадараҿы ишырҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿгьы,  иара убас, аӡиасқәа Рионии Ҷанҷахии рӡышьҭрақәеи рҿы аҧшааратә усурақәа активла инагӡоит
Они ахадараҿы ишырҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿгьы,  иара убас, аӡиасқәа Рионии Ҷанҷахии рӡышьҭрақәеи рҿы аҧшааратә усурақәа активла инагӡоит

Они ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Нодаришвили иҳәамҭала, Раҷа, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа активла инагӡоит.

Иара иажәақәа рыла, аҧшааратә усурақәа мҩаҧысуеит аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿгьы,  иара убас, аӡиасқәа Рионии Ҷанҷахии рӡышьҭрақәеи рҿгьы.

„Иахьазы 31ҩык рыҧсыбаҩқәа рбахьеит, урҭ рҟынтә ҩыџьа рыхьӡқәа реилкаара иаҿуп, даҽа ҩыџьа рыҧшаара иаҿуп, ҳара иҳамоу аинформациала, урҭ рықәра наӡам. Ауаа рбара изакәызаалак шанск ахьынӡаҟоу аҧшааратә усурақәа нагӡахоит“, – иҳәеит Гьаргь Нодаришвили.

Шови аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит нанҳәа 3 рзы.