Шәамахьтәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымцаанкылара еиларгеит ҳәа ахара рыдибаҵоит
Шәамахьтәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымцаанкылара еиларгеит ҳәа ахара рыдибаҵоит

Шәамахьтәылеи Азербаиџьани Ҟарабах ахымца анкылара иазку еиқәшаҳаҭра  еиларгеит ҳәа ахара рыдибаҵоит.

Азербаиџьан атәылахьчара аминистрраҟны акәзар, аҳәамҭа ҟарҵеит аерман архәҭақәа ақалақьқәа Тертери Агдами ирылахысит ҳәа.

Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, азербаиџьантәи архәҭақәа асааҭ 12.05 рзы “Карахамбеили” захьӡу аҭыԥ иажәлеит.

Москва Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Ашьхатә Ҟарабах ахымца аанкылахарц азы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, уи амчра аиуит жьҭаара 10, асааҭ 12:00 инадыркны.

Иацы, Москва, Шәaмaхьтәылеи Азербaиџьaни рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа aгумaнитaртә  агуманитартә хықәкы аманы ахымца аамҭала аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Ермантәылеи, Азербаиџьани, Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реицәажәара жәа-сааҭк инарзынаԥшуа ицон.