Ильҳам Алиев – Қырҭтәыла, иаҭаххар, егьырҭ атәылақәа рыгәҭа, Ашьхатә Ҟарабах аиҭашьақәыргылара апроцесс  аҽалархәра алшоит
Ильҳам Алиев – Қырҭтәыла, иаҭаххар, егьырҭ атәылақәа рыгәҭа, Ашьхатә Ҟарабах аиҭашьақәыргылара апроцесс  аҽалархәра алшоит

Қырҭтәыла иаҭаххар, егьырҭ атәылақәа рыгәҭа, Ашьхатә Ҟарабах аиҭашьақәыргылара апроцесс  аҽалархәра алшоит, — Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит авидеоформат аҿы аҭыҧантәии аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа данырҧылоз.

Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Урыстәылеи рвице-аҧыза-министрцәа рыҩаӡараҟны еиҿкаау аусуратә гәыҧ  аусушьа данахцәажәоз, Азербаиџьан ахада ишиҳәаз ала, агәыҧ аусура арегион зегьы азы аҵакы ду амоуп.

«Ҭырқәтәылагьы, Ирангьы, ҳаҧхьаҟа  —  ирҭаххар — Қырҭтәылагьы ари апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит», — иҳәеит Алиев.

2020  шықәса цәыббра 27 рзы Ашьхатә Қарабах  аибашьра иалагеит. Абҵара  9 рзы Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниани, Урыстәыла ахада Владимир Путини Ашьхатә Ҟарабах аибашьра аҟәыҵразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Ажьырныҳәа 11 рзы,  аганқәа,   арегион аҿы атаранспорттәи аекономикатәи аимадарақәа реиҭашьақәыргыларазы, х-тәылак рвице-аҧызацәа рыҩаӡараҟны аусуратә гәыҧ аиҿкааразы еиқәшаҳаҭхеит.