Шәамахьтәыла Ашәарҭадара амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ  -  Урыстәыла Шәамахьтәыла иаднацалоит Азербаиџьаназ акорридор азаартреи, аидгылатә ҳәынҭқарра Урыстәыла-Беларусь адлареи
Шәамахьтәыла Ашәарҭадара амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ  -  Урыстәыла Шәамахьтәыла иаднацалоит Азербаиџьаназ акорридор азаартреи, аидгылатә ҳәынҭқарра Урыстәыла-Беларусь адлареи

Шәамахьтәыла Ашәарҭадара амаҵзура амаӡаныҟәгаҩ   иҳәамҭала, Урыстәыла Шәамахьтәыла аднацалоит Азербаиџьан акорридор азаартреи аидгылатә ҳәынҭқарра Урыстәыла-Беларусь адлареи.  Армен Григориан ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Шәамахьтәыла ауаажәларратә дырраҭара аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла,  Азербаиџьан ала Шәамахьтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьыл ажәылареи, Ашьхатә Ҟарабахи Шәамахьтәылеи еимыздо Лачинтәи акоррдиор аркреи алагьы иубарҭоуп Урыстәыла Шәамахьтәыла ишақәыҕәҕәуа, убри амшала Шәамахаьтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа цәгьахеит.

«Шәамахьтәыла абри ақәыҕәҕәара иаҿагылоит», — иҳәеит  Григориан.

Иара убас, Григориан ишьақәирҕәҕәеит Урыстәыла Шәамахьтәыла ишаднацало Урыстәылеи Беларуси зеиҿкаара иаҿу аидгылатә ҳәынҭқарра иадларц. Иара иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла уи иақәшаҳаҭым,  убри азоуп Урыстәыла, арратә ганахьала Шәамахьатәыла изаақәыҕәҕәа.