Шьалуа Папуашвили  - Зегьы идҳарбароуп Қырҭтәылеи акандидат-тәылақәеи рганахьала Бриуссель ирымоу азнеишьа европатәи апринципқәа ишрышьашәалам 
Шьалуа Папуашвили  - Зегьы идҳарбароуп Қырҭтәылеи акандидат-тәылақәеи рганахьала Бриуссель ирымоу азнеишьа европатәи апринципқәа ишрышьашәалам 

 

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалшуа Папуашвили иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа Апарламентбжьаратә еидгыла  (IPU) 152-тәи ассамбелиаҿы иқәгылараан адәныҟатәи аҽалагалара иадҳәалоу ашәарҭақәа ирыдҳәаланы азеиҧш азнеишьа аҟазаара ахымҧадара далацәажәоит.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла атәылақәа рхаҭарнакцәа драцәажәоит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи уажәазы усҟак иҽеим аҭагылазаашьеи иазкны.

„Иахьа ассамблеиа ахадаратә мшуп, ҩ-ганктәи аформатаҿ аиҧыларақәа рымҩаҧгара алшара ҳауеит. Ассамблеиа алахәылацәа рҿаҧхьа сықәгылоит. Аконференциаҿы акрызҵазкәа проблемак ҳалацәажәоит, – атәылақәа зегьы рҿы лабҿаба иубарҭоу ашәарҭақәа.  Атәылақәа зегьы рхатә милаҭтә интересқәа адәныҟатәи аҽалагалара аҟынтә ирыхьчар рҭахуп, ари аганахьала иаҳзеиҧшу  азнеишьа иҟазароуп, ари азҵаара салацәажәоит.  Евроеидгыла атәылақәа рхаҭарнакцәа ҳрацәажәоит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи уажәазы усҟак иҽеим аҭагылазаашьеи иазкны. Рыцҳарас иҟалаз, дара адиалог арежим ааныркылеит, ганкала аӡбарақәа рыдыркылоит. Убри аҟынтә, зегьы иlҳарбароуп Қырҭтәылеи акандидат-тәылақәеи рганахьала Бриуссель ирымоу азнеишьа европатәи апринципқәа ишрышьашәалам. Европарламент ари азҵааразы ахатә позициа аанарҧшыроуп, уи  аҵакы ду амоуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.