Шьалуа  Папуашвили – Урыстәылантә ауаарацәа раара иазку аинформациа ииашам, ажәлар рыгәҭа аҭынчра иҟамзарц азоуп ари адезинформациа заладырҵәо  
Шьалуа  Папуашвили – Урыстәылантә ауаарацәа раара иазку аинформациа ииашам, ажәлар рыгәҭа аҭынчра иҟамзарц азоуп ари адезинформациа заладырҵәо  

«Урыстәылантә ауаарацәа раара иазку аинформациа ииашам, ажәлар рыгәҭа аҭынчра иҟамзарц азоуп ари адезинформациа заладырҵәо», — иҳәеит Қырҭтәыла апараламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Урыстәыла атәылауаа Қырҭтәылаҟа раара иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Иара иажәақәа рыла, «аиҳабыра рдескриминациа иазку акампаниа мҩаҧысуеит».

«Урыстәылантә ауаарацәа раара иазку аинформациа ииашам. Урыстәылаҟны аҳәаа иаркуп.   «Ларс» аидара мацара ахысуеит. Хазхаҭалатәи аимадара иҟам. Иацы адезинформациа аладырҵәеит. Ажәлар рыгәҭа аҭынчра иҟамзарц азоуп ари адезинформациа заладырҵәо. Аиҳабыра рдескриминациа иазку акампаниа мҩаҧысуеит. Ари апроцесс аҿы АИХ ароль ду нарыгӡоит. Амедиахаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит ииашам аинформациа аларҵәара иаҟәыҵырц», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.