Шьалуа Папуашвили  - Аоппозициа рыхәҭаки иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аультиматумқәа рыла иҳацәажәоит
Шьалуа Папуашвили  - Аоппозициа рыхәҭаки иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аультиматумқәа рыла иҳацәажәоит

«Абжьагарақәа рҿы актәи апункт аполиаризациа аиҵатәра иазкуп, аха, аоппозициа рыхәҭаки иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи  ари адокумент аполиаризациа аизырҳаразы рхы иадырхәит, абри ауп зегьы раҧхьа иҟарҵаз», — иҳәеит Қырҭтәыла апараламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла,  аиҳабыра зыӡбахәы ҳәоу 12 пунктқәа рынагӡара ируалуп.

«Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәеи Евроеидгыла ҳара иаҳзаанарҧшуа адгылареи абас ииашамкәа аилкаара абжьагарақәа рынагӡара апроцесс иаҧырхагахар ауеит.  Атәыла анапхгара арҭ абжьагарақәа рынагӡара ируалуп. Убри аҟынтә, ҳара аконкреттә план еиқәҳаршәеит.  Ҳара аинклиузивтә процесс рыдаагалоит, дара аультиматумқәа рыла иҳацәажәоит, аиқәшаҳаҭхара иазҿлымҳам, абри зегьы ҳтәыла иаиуз абжьагарақәа рҵакы иашьашәалам», — иҳәеит  Папуашвили.