Шьалуа Папуашвили Скандинавиатәи атәылақәа рҿы ивизит иалагеит
Шьалуа Папуашвили Скандинавиатәи атәылақәа рҿы ивизит иалагеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили дызхагыло ақырҭуа делегациа Скандинавиатәи атәылақәа рҿы авизит Норвегиала иалагеит. Аделегациа иалоуп Мака Боҷоришвилии Николоз Самхараӡеи, аоппозициаа рдепутат Ҳерман Сабо. Иахьа ақырҭуа делегациа алахәылацәа Норвегиа аҳ, Ҳаральд V, атәыла апарламент ахантәаҩы Масуд Гарахани, Стортинг адәныҟатәи еизыҟазаашьақәеи атәылахьчареи есангьтәи ркомитет алахәылацәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ҳерик Ҭуни ирԥылоит.

Осло имҩаԥысуа аиԥыларақәа раан ақырҭуа ган иқәнаргыло зҵаара хада Қырҭтәыла Нато алалара апроцесси ари ахырхарҭала Норвегиа адгылареи ауп.