Шьалуа Папуашвили -  Қырҭтәыла - Урыстәыла асанциақәа рывсра ахьалшо тәылахом
Шьалуа Папуашвили -  Қырҭтәыла - Урыстәыла асанциақәа рывсра ахьалшо тәылахом

«Урыстәыла аӡбарақәа рзы ареалтә нырра заур зылшо ҩ-ганктәи асанкциақәа рзы ахархәагақәа шҳамам еилкаауп, аполитикатә мчқәа зегьы ари агәаанагара иақәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украинаҟа авизити Урыстәыла иаҿагыланы Қырҭтәыла ишьақәнаргылар зылшо асанкциақәеи  ирызкны ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

«Насгьы иазгәасҭар сҭахуп, украинатәи апарламент ахантәаҩы иаартны иҳәеит Қырҭтәыла жәларбжьаратәи асистема ишалахәы, убри аҟынтә, автоматла жәларбжьаратәи афинанстә санкциақәа ишрылахәы,  ари аганахьала, украинатәи аган апретензиақәа шрымам. Ҩ-ганктәи асанкциақәа ирыдҳәаланы исҳәар сҭахуп,  аоппозициаагьы ахантәаҩы игәаанагара иақәшаҳаҭхеит.  Ҳара гәаартыла ҳаицәажәеит,  Урыстәыла аӡбарақәа рзы ареалтә нырра заур зылшо ҩ-ганктәи асанкциақәа рзы ахархәагақәа шҳамам еилкаауп, аполитикатә мчқәа зегьы ари агәаанагара иақәшаҳаҭуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аганахьала ҳареи Украинеи ҳзы даҽа зҵаараr ауп аҵакы змоу: Қырҭтәыла – Урыстәыла асанциақәа рывсра ахьалшо тәылахом, абри ауп ихадоу», – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.