Шьалуа Папуашвили - Евроинтеграциа амҩаҿ Германтәыла ҳара иҳадгылоит
Шьалуа Папуашвили - Евроинтеграциа амҩаҿ Германтәыла ҳара иҳадгылоит

Евроинтеграциа амҩаҿ Германтәыла ҳадгылоит, еилыккоу ашьҭымҭа ҳауит, – иҳәеит Германтәыла авизит ахцәажәараан Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, зҵаарақәак ирыдҳәаланы еилыккоу ашьҭымҭа роуит.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз, Европеи Азиеи  рыбжьара иҟоу Қырҭтәыла Евроеидгыла аенергохьыԥшымразы аҵак ду амоуп.

“Ихаду аиԥыларақәа ҳаман апарламент ахаҭарнакцәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи рҟны. Зҵаарақәак ирыдҳәаланы еилыккоу ашьҭымҭақәа ҳауит, актәи – Евроеидгыла арҭбаара апроцесс Германтәыла алҵшәа зауа апроцесс аҳасаб ала иахәаԥшуеит. Акандидат статус аҵак ду амоуп, уи ашьҭахь имҩаԥысуа аилацәажәарақәа Евроеидгыла алалара ала ихыркәшаруп. Аҩбатәи – Германтәылазы Евроеидгыла Лиссабон аҟынтә Қырҭтәыланӡа инаӡоит, ари ахәаԥшышьа арҭбаара апрактикатә политика хәҭаауп, хықәкысгьы абри ауп иамоу – Евроеидгыла ари аҵакыраҿ иҭбаахароуп.  Ахԥатәи  – гәыԥҩык ҳпартниорцәа рҟынтә иҳаҳахьеит Қырҭтәыла акандидат статус ахьарымҭаз шиашамызт, аха иашьҭанеиуа аетап аҿы астстус аӡбара рыдыркылароуп, абри ауп иахьа ахадаратә ҵакы измоу.

Евроинтеграциа амҩаҿ Германтәыла ҳадгылоит, еилыккоу ашьҭымҭа ҳауит.Европеи Азиеи  рыбжьара иҟоу Қырҭтәыла Евроеидгыла аенергохьыԥшымразы аҵак ду амоуп”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.