Шьалуа Папуашвили ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара иазку арферендум дахцәажәеит
Шьалуа Папуашвили ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара иазку арферендум дахцәажәеит

32 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла ақакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргыларазы ареферендум мҩаԥган, уи рхы аладырхәит хмиллионҩык иреиҳаны атәылауаа, – иануп Қырҭтәыла апарламент ахнатәаҩы Шьалуа Папуашвили ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара иазку арферендум данахцәажәоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, Звиад Гамсахәырдиа инапхгарала зықьҩыла ақырҭуаа Асоветтә ампыҵахалара адемократиатә мҩала аҭархара алырхит.

„32 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла ақакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргыларазы ареферендум мҩаԥган, уи рхы аладырхәит хмиллионҩык иреиҳаны атәылауаа. Усҟан уи рхы аладырхәит ауааԥсыра 98.9% – урҭ иреиуан ԥсни Самачабли ирықәынхоз ауааԥсырагьы,  урҭ Звиад Гамсахәырдиа инапхгарала Асоветтә ампыҵахалара адемократиатә мҩала аҭархара алырхит.

Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргыларазы ареферендум иалахәыз ауаҩы цыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, ” – иазгәеиҭеит Шьалуа Папуашвили.