Шьалуа Папуашвили – "Аҩбатәи афронт" аҳәара иадгылаз 7000ҩык ақырҭуаа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи уажәгьы асоциалтә аҳақәа рҿы иҟоуп
Украина аибашьра ианалага ҩымш рышьҭахь Қырҭтәыла «аҩбатәи афронт» аартны Урыстәыла иаҿагыларц азыҳәан раҧхьатәи ааҧхьара ҟаҵан. Киевынтә ааҧхьарақәа ҟарҵон: «Ақырҭуаа, амш бзиоуп, Цхинвали Аҟәеи шәнеиааир шәҭахӡами…ҧхьаҟа, Қырҭтәыла, аамҭа ааит», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, убри ашьҭахь, Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылареи, ақырҭуа ахалагәаҧхаҩцәа аибашьрахь рдәықәҵареи, дара ишырҳәоз ала, ицәырҵыз алшара ахархәареи азы ааҧхьарақәа ҟарҵон.
«Ахәбатәи аколлонна алидерцәа мацара ракәӡам ари акампаниа еиҿызкаауаз — “аҩбатәи афронт” аҳәара иадгылаз 7000ҩык ақырҭуаа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи уажәгьы асоциалтә аҳақәа рҿы иҟоуп, дара ари азҵаара Қырҭтәыла анапхгара рықәыҕәҕәаразы хархәагас иҟарҵеит.
Убри амш инаркны, атәым бираҟ зку абарҭ 7 000ҩык ақырҭуаа изныкымкәа иаабоит зны Молотов икоктеильқәа рыла, даҽазнык непалтәи асценари адгылаҩцәа раҳасабаоа. Аха, зегьы реиҳа ихадоу, дара есымша ацәымҕреи ацәгьахәыцреи рыла ауаажәларратә ҧсҭазаара дырцәгьоит», — иҩит Шьалуа Папуашвили.