Шьалуа  Папуашвили – Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла  лабҿаба иаабеит џьоукы атәыла дуқәа реиҿагылараан Қырҭтәыла аибашьра ҭыҧны иҟарҵар шырҭахыз, зегьы ибзиаӡаны еилыркаароуп изакәытә рыцҳароу ҳзыцәцаз  
Шьалуа  Папуашвили – Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла  лабҿаба иаабеит џьоукы атәыла дуқәа реиҿагылараан Қырҭтәыла аибашьра ҭыҧны иҟарҵар шырҭахыз, зегьы ибзиаӡаны еилыркаароуп изакәытә рыцҳароу ҳзыцәцаз  

«Ақырҭуа ҳәынҭқарра аҭынчра ахьчара аполитика иақәныҟәоит. Иахьатәи иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы аҭынчра ахьчара аҽазышәара дуи, аҟәышреи аҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Атәылахьчаратә мчқәа рымш инамаданы Вазиани имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, аибашьреи апровокациақәеи рҽацәыхьчара иазку аҳәынҭқарра аҽазышәарақәа ақырҭуа арбџьармқәа ргәымшәареи рыҕәҕәареи рыла ишьақәырҕәҕәоуп.

«Ақырҭуа аруаа, рхы иамеигӡакәа, еснагь ҳаҧсадгьыл рыхьчоит. Ҳара ари адгылареи ахиазаареи ҳцәа ианыруеит. Ҳара аруаҩ цыҧхьаӡа иҳаракны ихә ҳшьоит. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла  лабҿаба иаабеит џьоукы атәыла дуқәа реиҿагылараан Қырҭтәыла аибашьра ҭыҧны иҟарҵар шырҭахыз, зегьы ибзиаӡаны еилыркаароуп изакәытә рыцҳароу ҳзыцәцаз.

Атәылахьчаратә мчқәа рымш азы, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан фырхаҵарала иҭахаз ҳаруаа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит. Дара рфырхаҵарала, ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи дырҕәҕәеит. Рҭаацәарақәа рахь схы рханы исҳәар сҭахуп – шәхылҵи, шәабацәеи, шәыҧшәмацәеи ҳгәы рыздууп », — иҳәеит апарламент ахантәаҩы.