Шьалуа Папуашвили  - Аҵыхәтәантәи аамҭазы ишаабо ала, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы Саакашвили иҩызцәа иара ихәҭоу азыӡба  дацәцар ауп ирҭахуп
Шьалуа Папуашвили  - Аҵыхәтәантәи аамҭазы ишаабо ала, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы Саакашвили иҩызцәа иара ихәҭоу азыӡба дацәцар ауп ирҭахуп

 

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили   иҳәамҭала, Саакашвили  идгылаҩцәа, иара аҳәаанырцәҟа ииагара азҵаара атәыла анҭыҵ рпиар азы рхы иадырхәар рҭахуп .

Папуашвили иажәақәа рыла, алобисттә усура алҵшәақәа цәырҵыр ҟалап еиуеиҧшым аҳәамҭақәа рҿы. Папуашвили игәаанагарала, Саакашвили идгылаҩцәа иара азыӡба ииаша дацәцар рҭахуп.

„Саакашвили закәандрала Қырҭтәыла даиаанӡагьы, иара аӡә дшихылаҧшуаз аабон, аиашаӡбара ацәцара илшон.  Уажәы, ақырҭуа аиашаӡбара амҩаҧгара апроцессаҿ даныҟоугьы,   лабҿааба иаабоит идгылаҩцәа иара азыӡба иаша дацәцар шырҭаху.

Амедицинатә аихшьаала иазкны акгьы сызшәаҳәом, сара сҳақьымым. Сара аполитикашҟа сиасаанӡагьы „Емпатиеи“ уи анапхгаҩи ирыдҳәаланы сгәаанагара сҳәахьеит. Бачалеишвили лус азы, Шақаришвили иус азы, изакәытә ҧаршеироу иҟаз шәгәалашәоит.  Иҟарҵоз аҳәамҭақәа шәгәалашәоит.  Аҭаацәа рыгәхьаа ркымызт. Аексперттә аихшьаалақәа рымазшәа амц рҳәон.  Убри аҟынтә,  дара иҟарҵаз аихшьаала сзалацәажәом, сара секспертым, аха, хаҭала сара, Қырҭтәыла атәылауаҩ иаҳасабала, абри аиҿкаареи уи анапхаҩи рыгәра згом, избанзар, Бачалеишвилии Шақаришвилии русқәа рзы ицәырыргаз аихшьаала ҧаршеи аабеит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.