Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард  Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит
Шьалуа Папуашвили – Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард  Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит, иара Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы иареи аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард  Непиуи реиҧылара дахцәажәеит.

Папуашвили ишиҩыз ала, Ричард Непиу Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит.  Иара убас, Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Непиу ивизит хықәкыс иамоуп адиалог ацхраареи акоррупциа аҿагылара азҵаарақәа рҿы аҧышәа аиҭныҧсахлареи.

«Сара аглобалтә коррупциа азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент акоординатор Ричард  Непиу иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧызгеит.  Сара Қырҭтәыла имҩаҧгаз ареформақәа срылацәажәеит, акоррупциа иаҿагылоу ақәҧарагьы уахь иналаҵаны. Ҳара Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресс ҳалацәажәеит.

Ричард Непиу  Қырҭтәыла апрогресс ибзианы дахцәажәеит.  Иара убас, ишиҳәаз ала, ивизит хықәкыс иамоуп  адиалог ацхраареи акоррупциа аҿагылара азҵаарақәа рҿы аҧышәа аиҭныҧсахлареи. Ҳара акоррупциа аҿагылара аусхкы аҿы аусеицура арҭбаара алшареи аартызаара аизырҳареи ҳалацәажәеит», — иҩит  Шьалуа  Папуашвили.