Шьалуа Папуашвили – 2024 шықәса ҳаҧылоит аҭынчратә европатәи Қырҭтәылаҿы
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили атәылауаа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, ҳаамҭазтәи аҭоурыхаз идуӡӡоу ақәҿиара аиуит.
Шьалуа Папуашвили ауааҧсыра зегьы адгылареи агәрагареи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
‘Шәара еснагь шәҳадгылан, еснагь агәрагара ҳзаашәырҧшуан, абри зегьы абзоурала, атәыла анапхгара апроблема дуӡӡа аҧыхра рылшеит, атәыла ауааҧсыра арадикализм мап ацәыркын, ауааҧсыра рмышхәыбзазареи, амилаҭтә интересқәеи ирызку адәныҟатәи аҩныҵҟатәи аполитика мҩаҧызго анапхгара агәрагара рзаадырҧшит. Убри абзоурала, 2024 шықәса ҳаҧылоит аҭынчратә европатәи Қырҭтәылаҿы. Ишәыдысныҳәалоит, адыглареи агәрагареи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.
Атәылахьчаратә мчқәеи, ҳполициеи, абылрацәахьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи, амедицинатә персонали, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәеи, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, избанзар, шәпрофессонализми, шәыхмеигӡареи, аҧсадгьыл абзиабареи ҳтәыла арҕәҕәеит.
Импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра, аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ақырҭуа диаспореи Ашықәс ҿыц рыдысныҳәалоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳтәыла аидҵареи европатәи аҧеиҧш аргылареи шҳалшо.
Шәызынтәгьы даҽазнык ишәыдысныҳәалоит 2024 Ашықәс ҿыц; аҭынчреи, мышхәыбзазареи, аҿиареи, аиааирақәеи шәзеиҕьасшьоит,” – иҳәеит Шьалуа Папуашвили ашықәсҿыцтәи адныҳәалараҿы.