Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ҭырқәтәыла иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.

„Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ауаа рацәаны рҭахра агәы снархьит. Гәык-ԥсык ала сыдашшылоит иҭахаз рҭаацәарақәеи руацәеи”, – иануп Шьалуа Папуашвили “Твиттер” идаҟьаҿ.

Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан иҭахеит 284-ҩык, ахәрақәа роуит 2323-ҩык.

Атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп аиқәырхаҩҵәа, азакәанхьчаҩцәа, ар.