Серго Хидешели – Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа активла имҩаҧысуеит
Серго Хидешели – Аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа активла имҩаҧысуеит

Они ахада  Серго Хидешели ишиҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа активла имҩаҧысуеит. Иара иажәақәа рыла, уажәазы ҧшьҩык ирышьҭоуп.

«Уажәазы иҳамоу аинформациала,  29ҩык рыҧсабаҩқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтәи  28ҩык рыхьӡқәа еилкаауп. Ҧшьҩык рыҧшаара иаҿуп. Хәыҷӡак адамхаргьы, лшарак ахьынӡаҟоу аҧшааратә усурақәа нагӡахоит», — иҳәеит  Серго Хидешели.

Они ахада ишазгәеиҭаз ала, аҧсабаратә рыцара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҟәара арҕәҕәаратәи аинфраструктура аиҭашьақәыргыларатәи  усурақәа  мҩаҧысуеит.