Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Гуриа арегионаҿ, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ даҽаӡәы иҧсыбаҩ рбеит, аиқәырхаҩцәа даҽаӡәы ишьҭоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Гуриа арегионаҿ, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ даҽаӡәы иҧсыбаҩ рбеит, аиқәырхаҩцәа даҽаӡәы ишьҭоуп

Гуриа арегионаҿ, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ даҽаӡәы иҧсыбаҩ рбеит,  – ари аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала, аиқәырхаҩцәа даҽаӡәы ишьҭоуп.

„ Гуриа арегионаҿ, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиқәырхаҩцәа арежим ҷыдаҿ аусура нарыгӡоит.  Аҧшааратә усурақәа раан даҽаӡәы иҧсыбаҩ рбеит, аиқәырхаҩцәа даҽаӡәы ишьҭоуп.

Уажәазы аиқәырхаҩцәа ишәарҭам аҭыҧашҟа ииаргахьеит 11ҩык атәылауаа. Ҩыџьа рыҧсыбаҩцәа рбахьеит, зықәра наӡам даҽаӡәы иҧшраара нарыгӡоит.

Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аус руеит Аҩныҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиҧшым ахәҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭыҧашҟа инагоуп иашьашәалоу атехника, аусурақәа активла инагӡоит.

Арегионаҿ иҟоу ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аиҭаҵрантә  рҽааныркыларц, аҭыҧаҿ аус зуа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа рҳәатәы харҵарц“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.