Аҩы амилаҭтә агентра –  Аҳәынҭқарра акырц иҧхасҭанатәаз ажь адкылара иазыхиоуп
Аҩы амилаҭтә агентра –  Аҳәынҭқарра акырц иҧхасҭанатәаз ажь адкылара иазыхиоуп

Аҳәынҭқарратә наплакы  «Аҽаҩра ахылаҧшратә еилахәыра» акырц иҧхасҭанатәаз ажь кьылак азы  0,90 ҭеҭри ҳәа адкылара иазыхиоуп, —  иануп Қырҭтәыла Аҩы амилаҭтә агентра адырраҿы.

«Акырцхи аҧшацәгьеи рымшала,  Кахеҭи арегионаҿ еиуеиҧшым ақыҭанхамҩатә культурақәа, аӡахәаҭрақәагьы аҧхасҭа ду роуит.

Аҽаҩра аҭагалара ахылаҧшратә штаб уахгьы-ҽынгьы аус ауеит азарал зауз ааглыхыҩцәа еиҧҟьарада аҽаҩра аҭира  рылшарц азыҳәан.

Аҳәынҭқарра,  наҟ-наҟгьы,   аҧсабаратә рыцҳара амшала азарал зауз афермерцәа  ирыцхраауеит», — иануп Аҩы амилаҭтә агентра адырраҿы.