Сергеи Лаврови импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистри иҩбоу атәылауаҩра азҵаарақәа рҭыҧқәҵара иазку  "аиқәшаҳаҭра" рнапы аҵарҩит
Сергеи Лаврови импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистри иҩбоу атәылауаҩра азҵаарақәа рҭыҧқәҵара иазку  "аиқәшаҳаҭра" рнапы аҵарҩит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистри иҩбоу атәылауаҩра азҵаарақәа рҭыҧқәҵара иазку  “аиқәшаҳаҭра” рнапы аҵарҩит.

Импыҵахалоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, «аиқәшаҳаҭра» абзоурала,  Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра Урыстәыла атәылауаҩра роуеит ирмариоу апроцедурала.

Иара убас,  аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, 2008 шықәса нанҳәа 26-нӡа Аҧсны «атәылауаҩра» змаз ауааҧсыра иҩбоу атәылауаҩра роур рылшоит.