Сергеи Лавров – Урыстәылатәи аруаа ақалақь Буча ианалҵ ашьҭахь, ҩымш рнеҩс адәахьы абри ақәыргылара еиҿкаан, уажәы уи Урыстәыла иаҿагыланы рхы иадырхәар рҭахуп
Сергеи Лавров – Урыстәылатәи аруаа ақалақь Буча ианалҵ ашьҭахь, ҩымш рнеҩс адәахьы абри ақәыргылара еиҿкаан, уажәы уи Урыстәыла иаҿагыланы рхы иадырхәар рҭахуп

 

«Арҭ амшқәа рзы, урыстәылатәи аруаа аплани аиқәшаҳаҭреи инақәыршәаны Буча ақалақь ианалҵ, ари ақалақь  аҿы афеиктә жәыларак мҩаҧган», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь ианалҵ ашьҭахь,  «мышқәак рнеҩс, уаҟа аинсценировка еиҿкааны, Украина ахаҭарнакцәеи мраҭашәаратәи рыдгылаҩцәеи абарҭ акадрқәа аканалқәа зегьы рыла, асоциалтә аҳақәа зегьы  рыла иоурыжьҭуеит».

«Урыстәылатәи арбџьармчқәа ақалақь иалҵит хәажәкыра  30 рзы. Хәажәкыра 31 рзы ақалақь ахада дықәгыланы аҳәамҭа ҟаиҵеит ақалақь аҿы ҭынчроуп ҳәа. Нас, ҩымш рышьҭахь, абри ақәыргылара шеиҿыркааз аабеит, уажәы уи Урыстәыла иаҿагыланы рхы иадырхәар рҭахуп», — иҳәеит  Лавров.