Сергеи Лавров -  Шенгентәи авизақәа раиуразы Евроеидгыла ишьақәнаргылаз  аҧкрақәа рымшала Урыстәыла европатәи атәылақәа ртәылауаа ахьнархәыр ҟалом
Сергеи Лавров -  Шенгентәи авизақәа раиуразы Евроеидгыла ишьақәнаргылаз  аҧкрақәа рымшала Урыстәыла европатәи атәылақәа ртәылауаа ахьнархәыр ҟалом

«Урыстәыла аҽҟәыҭхара ахәҭам, Урыстәыла атәылауаа шенгентәи авизақәа ахьрырымҭо амшала европатәи атәылақәа ртәылауаа  ахьырхәра рыҭатәым ҳәа сгәы иаанагоит», —  иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

«Уажәазы зыргылара иаҿу шенгентәи аҭӡамцқәа рымшала аҽыҧхьакра ҳахәҭам, ҳаргьы убасҵәҟьа ҳхы мҩаҧаагар ҟалом, европатәи атәылақәа ртәылауаа  зегьы ахьырхәра рыҭатәым. Ҳара персонажқәак иалкааны иҳамоуп, урҭ ҳара ишьақәҳаргылаз асанкциақәа сиақәа ирнуп»,- иҳәеит  Лавров.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала,  авизатә зҵаарақәа ирыдҳәаланы, Москва  «европатәи атәылақәа ргаӡаразы агаӡарала аҭак ҟанаҵом».

«Ҳара ари амҩа ҳанылар ҟалом ҳәа сгәы иаанагоит  —  агаӡаразы агаӡарала аҭак ҟаҵатәым. Ҳәарада,  ҳаргьы аҭак ҟаҳҵароуп, аха, хықәкыла, Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа равторцәеи, реиҿкааҩцәеи, рынагӡаҩцәеи рзы»,- иҳәеит  Лавров.

Иацы, Прага, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, Урыстәылаҟны авизатә режим армариара иазку аиқәшаҳаҭра аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Ари аӡбара иақәшаҳаҭхароуп Евроеидгыла Ахеилак.