Сергеи Лавров – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара НАТОи Евроеидгылеи ацраҧшьыс иҟарҵеит, ари аиҿкаара акылаӡра ашәарҭара иҭагылоуп
Сергеи Лавров – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара НАТОи Евроеидгылеи ацраҧшьыс иҟарҵеит, ари аиҿкаара акылаӡра ашәарҭара иҭагылоуп

«Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара НАТОи Евроеидгылеи ацраҧшьыс иҟарҵеит.  Шәааи, иаартны иаҳҳәап ари аиҿкаара акылаӡра ашәарҭара ишҭагыло. Абраҟа зҵаарак цәырҵуеит: ари аиҿкаара арлахҿыхразы аусура ахәҭоума?», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров   Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалаҿ данықәгылоз.

Лавров игәаанагарала, даҽа зҵааракгьы цәырҵит –  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  адунеитә аҿиара аобиективтә лабҿабара аҽанраалареи арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәаразы платформас аҟалареи алшарыма?

«Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иалоу НАТО атәылақәа   2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧгаз алианс асаммитаҿ Қарҭи Киеви НАТОҟа ирыҧхьеит. Дара хықәкык акәын ирымаз  – арҭ атәылақәа Урыстәыла иаҿадыргылар рҭахын. Мраҭашәара изыдгылаз Агәилтә револиуциа ала анапхгара згаз Саакашвили,   Бухарест иарҳәаз дақәгәыҕны, 2008 шықәса нанҳәазы Аахыҵ Уаҧстәыла ақалақьқәа абомбақәа рылажьреи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ақәшаҳаҭрала уаҟа игылаз аҭынчрачаҧаҩцәа ржәылареи азы адҵа ҟаиҵеит. Ари апровокациа еиҿыркааит Иеиду Америкатә Штатқәа. Дара Қырҭтәыла аладырҵәеит апрограмма «Идырҵа, нас, бџьарла еибыҭ». Саакашвили Вашингтон иарҳәоз зегьы дазыӡырҩуа, инаигӡон», – иҳәеит  Лавров.