Антонио Гутиереш украинатәи ақалақьқәа Бучеи Бородианкеи дырҭааит
Антонио Гутиереш украинатәи ақалақьқәа Бучеи Бородианкеи дырҭааит

Украина визитла иҟоу ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш украинатәи ақалақьқәа Бучеи Бородианкеи дырҭааит.

Бородианка ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада украинатәи аруаа дырԥылан, Урыстәыла агрессиа иахҟьаны еилаҳаз ахыбрақәа ибеит.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада  урыстәылатәи аруаа аҭынч тәылауаа ахьыршьыз Буча ақалақь аҿы азеиԥш нышәынҭра ахьыҟоу аҭыԥ ахь днеит.

Аибашьраан аҭыԥ змаз ацәгьаурақәа рыҭҵаара аганахьала уи Ашьауӷа зин азы жәларбжьаратәи аӡбаратә процесс ам ҩаԥгара дадгылан, Урыстәыла аӡбарҭаҟны аусеицура алагара иабжьигеит.