Антонио Гутиереш мшаԥы 28 рзы Киев Владимир Зеленски диԥылоит
Антонио Гутиереш мшаԥы 28 рзы Киев Владимир Зеленски диԥылоит

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш мшаԥы 28 рзы Киев даҭааны, Украина ахада Владимир Зеленски диԥылоит. Ари атәы Гутиереш ипрессмаӡаныҟәгаҩ ааицҳаит.

Мшаԥы 26 рзы Гутиереш Москва изыԥшуп. Иахәаԥшраны иҟоуп Украина аҭынчра ашьақәыргыларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирызку азҵаара.

Украинеи Урыстәылеи рхадацәа рҟны хаз-хазы ишиашоу аудиенциа аҳәарала Гутиереш аофициалтә шәҟәқәа аҩтәылак рхадацәа мшаԥы 16 рзы ирзиишьҭит.