Сергеи Лавров  импыҵахалоу Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа дырҧыланы,  «ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу аҭагылазаашьа» иазкны драцәажәеит
Сергеи Лавров  импыҵахалоу Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа дырҧыланы,  «ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу аҭагылазаашьа» иазкны драцәажәеит

Иахьа Шәача, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров  импыҵахалоу Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа дырҧыланы,  «ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу аҭагылазаашьа» иазкны драцәажәеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аҳәамҭа ишану ала, Урыстәыла адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы, Дмитри Медоеви Инал Арӡынбеи рҟны ҩ-ганктәии х-ганктәии аиҧыларақәа мҩаҧигеит.

«Аганқәа рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, абри ауникалтә формат альтернатива амам. Сергеи Лавров иколлегацәа идирдырит арегион аҿы аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы Урыстәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа, Урыстәылеи, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи рлидерцәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәагьы налаҵаны, иара убас, иара Аконсультативтә регионалтә платформа  «3+3» аус арурагьы далацәажәеит.

Убри адагьы, аиҧылараҿы жәларбжьаратәи проблемақәагьы ирзааҭгылеит, урҭ рыгәҭа – ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу аҭагылазаашьагьы», — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.