Сергеи Лавров – Блинкени сареи ҳаиҧылараҿы  ҳаҳәара еиҭақәҳаргылеит,  Мрагылара ахырхарҭала  НАТО арҭбаара ҟалом  
Сергеи Лавров – Блинкени сареи ҳаиҧылараҿы  ҳаҳәара еиҭақәҳаргылеит,  Мрагылара ахырхарҭала  НАТО арҭбаара ҟалом  

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭала, Урыстәыла Украина ажәылара агәы иҭам. Адәныҟатәи аусбарҭа анапхгаҩы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ентони Блинкени иареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

«Украина ажәылара ҳгәы иҭоушәа аинформациа алашәырҵәоит, аха, ҳара изныкымкәа иааҳацҳахьеит уи шиашам. Урыстәыла, хаангьы Украина жәлар ирықәмақаруамызт», — иҳәеит Лавров.

Лавров иажәақәа рыла, Украина азҵаара хшыҩзышьҭра ду азутәуп, аха европатәи ашәарҭадара архитектура абри азҵаара мацара иадуҳәалар ҟалом.

«Ҳәарада, иахьа ҳара арратә алиансқәа ралхра ахақәиҭра иадҳәаланы имаҷымкәа аргументқәа ҳаҳаит. Блинкени сареи ҳаиҧылараҿы ҳаҳәара еиҭақәҳаргылеит. Мрагылара ахырхарҭала НАТО арҭбаара ҟалом», — иҳәеит Лавров.

Аурыс дипломат ишиҳәаз ала, НАТО Урыстәыла иаҿагыланы аус ауеит, убри аҟынтә, Москва Мрагылара ахырхарҭала НАТО арҭбаара иақәшаҳаҭым.

Лавров иажәақәа рыла, аиҧылара анҵәамҭаз, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Лавров ажәа ииҭеит ашәарҭадара агарантиақәа ирызку азҵаарақәа рзы Москва аҩырала аҭак шарҭо анеҩстәи амчыбжь азы.

Иахьа Женева Америкеи Урыстәылеи рдәныҟатәи усбарҭақәа рнапхгаҩцәа еиҧылеит.