«Анапхгаратә партиа еилаҳар, алхрақәа мҩаԥгахоит, ари хырԥашьа амам», — илҳәеит Қырҭтәыла ԥасатәи хада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.
Зурабишвили лажәақәа рыла, алхрақәа реиҭамҩаԥгара иадҳәаланы даҽа гәаанагарак ыҟам. Саломе Зурабишвили ишылҳәаз, лара ахада лоуп, ахадас даанхоит.
«Анапхгаратә партиа еилаҳар, алхрақәа мҩаԥгахоит, ари хырԥашьа амам. алхрақәа реиҭамҩаԥгара иадҳәаланы даҽа гәаанагарак ыҟам . Сара ахада соуп, ахадас саанхоит. Арҭ алхрақәа рҿы сареи апартиақәеи рҽалархәра азҵаара уаҵәтәи амш иазку азҵаароуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.