Саломе Зурабишвили - Қырҭтәыла аиҳабыра рпрагматикатә позициа аҿагылара сылшом
Саломе Зурабишвили - Қырҭтәыла аиҳабыра рпрагматикатә позициа аҿагылара сылшом

Қырҭтәыла аиҳабыра рпрагматикатә позициа аҿагылара сылшом. Ҳтерриториақәа импыҵахалоуп, ҳуааԥсыра рзы ари азҵаара ихьаа дууп, Қырҭтәыла аиҳабыра аҭакпхықәра ду моуп, апринципқәа рыхцәажәараан абаланс мариам, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили жәларбжьаратәи аих рхаҭарнакцәа данырԥылоз. Қырҭтәыла апарламент Украина азҵааразы аднакылаз арезолиуциа иадҳәаланы Зурабишвили азҵаара лзықәиргылеит ВВС ажурналист.

ВВС ажурналист Қырҭтәыла ахада длазҵааит, 2008 шықәсеи 2022 шықәсеи раантә асценарқәа ирызкны.

“Раԥхьаӡа иргыланы, адежавиу сымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Арҭ асценарқәа еиԥшым, аха  2008 шықәсазы Урыстәыла даҽа хымҩаԥгашьа аман, 2021-2022 шықәсқәа рзы уи ахымҩаԥгашьа аԥсахит, уажәы Урыстәыла ишиашоу анексиа мҩала ныҟәоит. Иацы Путин ишиашоу аефир аҿы иқәгылара зегьы рзы игәыԥжәаган. Адунеи зегьы ахадаЗеленски ипозициа адгылароуп. Европа ашәарҭадара архитектура зегьы ашәарҭа шҭагыло Европаҿ ибзиаӡаны еилыркаароуп,” –  илҳәеит Зурабишвили.