Саломе Зурабишвили  Марита Меҧаришвилии Деви Мезурнишвили   «Атәылауаҩратә  ахамеигӡаразы» амедаль раналшьеит
Саломе Зурабишвили  Марита Меҧаришвилии Деви Мезурнишвили   «Атәылауаҩратә  ахамеигӡаразы» амедаль раналшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Марита Меҧаришвилии Деви Мезурнишвилии   «Атәылауаҩратә  ахамеигӡаразы» амедаль раналшьеит.

«Марита Меҧаришвили ахамеигӡаразы амедаль ланашьоуп 2022 шықәса жьҭаара 13 рзы Қарҭ, Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳараан лҩызцәа реиқәырхаразы иаалырҧшыз атәылауаҩратә ахамеигӡаразы,  амедаль рыҭан Марита лҭаацәа.

2022 шықәса жьҭаара 13 рзы Қарҭ, Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳараан ахәыҷқәа реиқәырхараан иаарҧшыз афырхаҵареи атәылауаҩратә ахамеигӡара ҷыдеи азы амедаль ианашьоуп «Екосервисгрупп» абаҳчахылаҧшҩы еиҳабы Деви Мезурнишвили», — иануп атәыла ахада ладминистрациа адырраҿы.